Аҧсны жәлар рартист Роза Чамагәуа сынтәа лиубилеи азгәалҭоит, еицырдыруа акультура азааҧсаҩ ханҩажәи жәохә шықәса лхыҵит. Роза Расим-иҧҳа амузыкахь лааира машәыршәа иҟамлаӡеит. Лара лҭаацәа зегьы ашәаҳәара иазҟазан. Лан ибзиаӡаны агитара дыхәмаруан, лаб Расим Чамагәуа иакәзар, абжьы цқьа зхаз шәаҳәаҩын, убасгьы улаҧш зыдхалоз кәашаҩын. Аҭаацәараҿы ирызҳауан быжьҩык ахшара: ҧшьҩык аҧҳацәеи хҩык арҧарцәеи. Уаха ианааилатәалак ихааӡа аҧсыуа ашәак аацәырыргон. Еиҳаракгьы ирҳәоз жәлар рашәақәа ракәын.
Артистка лхәыҷра аамҭа лгәаларшәауа изныкымкәа илҳәахьеит усҟантәи аамҭазы ақыҭаҿы шамахамзар зегьы ашәаҳәареи акәашареи ишазҟазацәаз. Роза лаб иҭаацәараҿгьы изызҳауаз ахәыҷқәа зегьы амилаҭтә кәашарақәеи ашәақәеи ибзианы инарыгӡон. Ааигәа-сигәа, рыуа-рҭахыраҿы имҩаҧысуаз агәырӷьаратә еиқәшәарақәа рҿы ахәыҷқәа еснагь иқәгылон, асасцәа ашәа рзырҳәон, ирзыкәашон. Ҳәара аҭахума, ари аҩыза аҭаацәараҿы изызҳауаз Роза Росим-иҧҳа лыҧсҭазаара амузыка иаҟәыҭханы зынӡагьы дахәаҧшуамызт. Убри аҟынтә Аҟәатәи акультуратә ҵаралашаратә ҵараиурҭаҿы аоркестртә ҟәша шаатуа азы алаҳәара анылба уахь дҭаларц лыӡбоит. Лаб иреиҳау аҵараиурҭа дҭаларц шлабжьеигозгьы, лара илымукәа дҭалоит акультуратә ҵараиурҭа.
Ахҧатәи акурс аҿы дтәан ашәаҳәареи акәашареи рзы аҳәынҭқарратә ансамбль дахәҭакны аконцертқәа рҿы дықәгыло даналагаз. Уахь ааҧхьара лиҭеит акомпозитор Ражьден Гәымба. Уи Роза рҵаҩыс длыман, илылаз аҟыбаҩ ҷыда гәаиҭахьан. Изныкымкәагьы илеиҳәахьан лнапы злалкыз арҿиара аанмыжькәан иналыгӡалар аҧеиҧш бзиа шылзыҧшу, аихьӡара дуқәагьы шлоуа. Ус егьыҟалеит. Аамҭақәак рышьҭахь аҵараиурҭаҿы амилаҭтә рҳәагақәа рмаҭәар ахәыҷқәа идзырҵоз РозаЧамагәуа, зқьи жәшәи ханҩажәи жәаҩа шықәса рзы еиҿылкаауеит амилаҭтә инструментқәа рансамбль. Хьӡысгьы иалҭарц лыӡбеит Нарҭаа раҳәшьазаҵә лыхьыӡ - “Гәында”. Жәаҩык инарзынаҧшуа артистцәа еидызкылаз аколлектив ақәгыларақәа қәҿиарала имҩаҧысуан. Ауаа даара иргәаҧхон амилаҭтә цәа зыҟәныз ансамбль. Усҟантәи аамҭазы, “Гәында” напхгара аиҭон Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩ, акомпозитор Мамиа Берикашвили. Аамҭа кьаҿк аҩныҵҟа азыӡырыҩцәа рыбзиабара зырҳаз “Гәында” Аҧсны ақалақьқәеи араионқәеи рахь ааҧхьарақәа рырҭон, ишнеиуаз урҭ рыӡбахә Аҧсны анҭыҵгьы ирдыруа иҟалеит. Шамахамзар уаанӡатәи Асовет Еидгыла еиднакылоз ареспубликақәа рҟны иқәгылахьаз аколлектив арепертуар есааира иҭбаахон. Аҭыҧҳацәа рхаҭақәа ракәзар, афонограмма ахархәара арҭаӡомызт, ашәа рҳәон бжьы цқьала.
Ақырҭуа-аҧсуа еибашьраан ансамбль иалаз рыхәҭак Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ирывагылан, егьырҭ ҳаибашьцәа ргәы ашьҭыхразы аконцертқәа рзеиҿыркаауан. Аибашьра ҟалаанӡеи, аибашьра ашьҭахьтәи рҟазаратә шықәсқәеи рыҩныҵҟа жәларбжьаратәи аҟазшьа змоу афестивальқәеи аконкурсқәеи рҟны ансамбль “Гәында” изныкымкәа аҧхьахәтә ҭыҧқәа ааннакылахьан. Аибашьра ашьҭахь Роза Чамагәуа иаҧылҵаз лколлектив сахьаркыратә напхгаҩыс дахагылоит.
Роза Чамагәуа лҵара даналга ашьҭахь апедогогикатә институт дҭалеит, лҵшәабзиалагьы лҵара хлыркәшеит. Иахьа лзаанаҭқәа аҩбагьы еилалыгӡоит. Аҿар идлырҵоит амилаҭтә инструментқәа рарҳәашьа. Лыҧсҭазаара зегьы аҟазара иадҳәалоуп. Лыҧшәма, Аҧсны жәлар рартист Анри Ферзба иакәзар, еицырдыруа шәаҳәаҩуп, кәашаҩуп. Иахьа уажәраанӡагьы ашәаҳәареи акәашареи зҽаҧсазтәыз аҳәынҭқарратә ансамбль аҟны иара убасгьы Аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭа аҟны аус иуеит, дрылгахьеит аҳәаанырцәтәи иреиҳау амузыкатә ҵараиурҭақәа.
Ауаҩы аамсҭашәа, агәыҳалал, зегьы ирнаало, ауаҩы игәы анырхара иацәшәо, зычҳара ҵшәаашьа амам, абас илыхцәажәоит Роза Чамагәуа дыздыруа зегьы. Ҩынҩажәи жәаба шықәса инарзынаҧшуа арҵаҩра знапы алаку, шәҩыла аҿар еиҵазааӡахьо, ааҧсарак аамырҧшӡакәан аҟазара амаҵ азызуа лыҧсҭазаара зегьы арепитициақәеи, аконцертқәеи, аус ахьылуа аҵараиурҭақәеи ирыбжьакуп. Лчеиџьыка ҭбаа атәы ззымдыруа маҷҩуп. Бзиа илбоит асасцәа анылзааиуа. “Ҳара иаҳтәым акаҳуа, аҧсуа уатка цқьеи, ашьақар злам аҩы цеиҩцеиҩи еснагь иҳамоуп. Иааиларсны абысҭа аауны, ихианы исымоу афатә навасыргылар, сысас счеиџьыка агьама ибар, саргьы сгәы сырҭынчуеит”, - лҳәоит лара.
Уск еицаҿу, аҟазара еиҧшны иззааигәоу, изықәҿиауа артистцәа ирыбжьоу аҭаацәаратә еилибакаара уныруеит рыҩны ашәхымс уанынхыҵлак инаркны. Абри аҩнаҭаҿы акраамҭа сыҟандаз, макьана сымцандаз ҳәа угәахәуа уҟалоит, аҧшәмацәа реизыҟазаашьа, рысасдкылашьа анунырлак.
Ханҩажәи жәохә шықәса қәра дуӡам. Роза Расим-иҧҳа Чамагәуа лыгәҭакқәа рацәоуп. Лара илҳәоит, алшара лымазҭгьы ҿыцла лыҧсҭазааратә мҩа аныларазы, еиҭахгьы аҟазара шалылхуаз. “Анцәа исыцишазар акәхап. Амузыка, ари еихсыӷьра змам бзиабароуп, - абас ихлыркәшоит Аҧсны жәлар рартистка Роза Чамагәуеи ҳареи ҳаиҿцәажәара.

Елана Лашәриа
Оставить сообщение: