Аҧсуа ашәа, жәлар рашәа уаналацәажәо, иаццәырҵуеит еиуеиҧшым атемақәа. Избанзар ашәа ажәлар рхаҿра аазырҧшуа ауп, уи еиднакылоит ажәлар рҭоурых, рынхашьа-рынҵышьа, рыбзазашьа, рықәранҵыра, рыҧсшьашьа, рдоуҳа…
Ааигәа лымҳаҭасла исаҳаит Аҧсны аетнографиатә хор ҿыц аҧҵара аидеиа шыҟоу, уимоу уи азы раҧхьатәи ашьаҿақәагьы шыҟаҵоу.
Ашәа ажәлар рзы аҵакы дууп, аҭоурыхгьы ҵаулоуп. Абри инамаданы ҳара ҳлыҿцәажәеит Аҧсны жәлар рартистка, «Ахьӡ-аҧша» аорден III-тәи аҩаӡара занашьоу Роза Чамагәуаҧҳа. Ҳаиқәшәараан уи ажәытә ашәақәа рхыҵхырҭа аҭоурых дагәылаланы иаҳзеиҭалҳәеит, насгьы дазааҭгылеит ҳазҭагылоу аамҭазы уи аҭагылазаашьа.

«Аҧсуа диины адәы данықәла инаркны ашәа ицуп: агарашәа, аџьа ашәа, афырхацәа рашәа, ан лашәа, ашәарыцаҩцәа рашәақәа, аепикатәқәа – ахәрашәа, агәаҟашәа уҳәа ирацәаны. Ишдыру еиҧш, усҟантәи аамҭазы иҟамызт анотақәа, убри аҟнытә иахьагьы урҭ ашәақәа ахьаҳдыруа зыбзоуроу абиҧарала еимдо иахьаауаз ауп.
Даара имаҷын аҩнаҭақәа, ҭаацәала иааилатәаны ашәак ахьеицырымҳәоз, ҳәарада, ҭаацәацыҧхьаӡа дара ртәала ирҳәон. Уи иамамызт ҧҟарак – досу ибжьы шизҭгоз, ишизыманшәалаз. Насгьы ачарақәа, аныҳәақәа, аусураан, мамзаргьы аизарақәа рҟны рус хада анааилдыргалак аҵла амҵан иныҵатәаны, аӡәы ашәа анаацәыригалак егьырҭгьы инацырҵон. Убас ала рхы-ргәы аҟынӡа инеины ргәалаҟара шьҭырхуан. Иадырҳәон иара убас аҧсуа жәлар рмузыкатә рҳәагақәа аҿырпын, аҧхьарца уҳәа.
Иарбан ашәазаалак, иаҧызҵо аҭагылазаашьа ауп. Ҳажәлар аҭоурых дуӡӡа рымоуп. Убри зегьы ашәақәа ахылҿиааит. Амҳаџьырра инаркны ажәлар ирхыргахьоу зегьы ашәақәа рыла иаҳдыруеит. «Шьышь Нани» ашәа акәзар, ацәаҳәақәа угәы ҿыркаауеит: «Згәы шьҭыҵуа ацәқәырҧақәа, уа урҵысуа урымами… Аимҵәаҩ иӷба угарами…», афырхаҵара иазку: Ԥшькьаҿ-иҧа Манча иашәа, Наҧҳа Кьагәа, Аиба Хәаҭхәаҭ, Озбақь ахаҵа ирыхҳәаау ашәақәа, арҭ зегьы ажәлар ирылҵыз роуп. Имыӡкәа иахьанӡа иааит, арӡрагьы азин ҳамам», - лҳәеит Роза Расим-иҧҳа. Уи еиҭалҳәеит жәлар рашәақәа анотақәа рахь аиагара аҭоурых.
- 1920 - тәи ашықәсқәа раан, 26 шықәса зхыҵуаз авенгр композитор Константин Ковач, игәабзиара шьақәиргыларц азы Аҧсныҟа дааит. Акыраамҭа Гәылрыҧшь асанаториа аҟны иҽихәшәтәуан. Иара уи аамҭазы профессионалла амузыка ихы азикхьан, детнографын, амузыка ҭиҵаауан, анотақәа рҩышьа идыруан. Ажәлар данаарылаҧш, данырзыӡырҩ ибеит даара ибеиоу, аҵак ду змоу ашәа бзиақәа шрымоу. Аха, ҳәарада, усҟантәи аамҭазы ашәакгьы анотахь ииагамызт, иагьымариамызт унадххыланы ашәа аҭаҩра, нас азыӡырҩра. К. Ковач уи иҽазикит. Аҧсуа культура знапы алакызи иареи реибадырра ииасит аиҩызарахь, аусеицурахь. Даара адгылареи ацхыраареи ииҭеит анаҩстәи иусураҟны Кондрат Ӡиӡариа. Урҭ Аҧсны ахы-аҵыхәа ақыҭақәа зегьы еимданы, абыргцәа зегьы ирыҿцәажәаны, ашәақәа зегьы ҭарҩит. Зны ҽыла ицон, ҽазны – шьапыла, даара аџьабаа ду рбеит аҧсуа жәлар рашәақәа мыӡырц азы. К. Ковач иусура иалҵшәахеит Аҧсуа музыкатә фольклористика аизга «101 ашәа» аиқәыршәара. Аамҭак ашьҭахь, Москва имҩаҧгаз ацәыргақәҵаҿы абарҭ ашәақәа К. Ӡиӡариеи иареи ицәырыргеит, аҧхьахәгьы агеит. К. Ӡиӡариа Нестор Лакобеи Константин Ковачи еибаирдырхьан. Ари аизга аниба, даара деигәырӷьеит, аӡра ақәымзароуп иҳәеит. Уимоу, аҳәынҭқарра дуқәа рҟнытә аклассикцәа, ашәҟәыҩҩцәа дуқәа Аҧсны ианаалак, ҳажәлар рыкәашарақәеи рышәаҳәарақәеи анырбалак, ианраҳалак, оумашәа ибаны иазгәарҭон: «Арҭ имыӡуа милаҭуп, дара маҷҩуп, аха иӡуам».
Роза Расим-иҧҳа аҭоурыхи лгәалашәарақәеи дыргәылаланы ари атема илызгәакьоу акы акәны далацәажәон. Лцәажәашьа ианыҧшуан лыҧсҭазаара зегьы ашәа ишадҳәалоу, ишлызгәакьоу, уи ада ҧсҭазаашьа шлымам. «Ашәа мҩақәҵагоуп, ҧхьацагоуп, угәы цаны уҟазаргьы, шәак аӡәы иаацәыригар, угәы ҟанаҵоит, ишьҭнахуеит", - лҳәон лара.
Аҭоурых излаҳәо ала, досу аҭаацәарақәа рҿы ашәаҳәарақәеи акәашарақәеи рыда Аҧсны иҳамамызт жәлар рансамбль. Аха 1910 шықәсазы Лыхны ақыҭан диит уи еиҿызкаараны иҟаз арҧыс. Иара аҟазара ду злаз уаҩын, детнографын, музыкаҭҵааҩын, сахьаҭыхҩын. Далахәын Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа. Аҧсра дахыҧаны иҧсадгьыл ахь дхынҳәит. Иқәкны инашьҭыз ахыкәлаа игәы икыдыз аеҵәа ҟаҧшь иақәшәеит, дагьеиқәнархеит.
1948 шықәсазы, Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы Иван Кортуа абыргцәа досу ирылшоз ашәаҳәара аума, мамзаргьы акәашара, жәлар ринструмент арҳәашьа здыруаз уҳәа аӡәаӡәала еизганы, иаҧиҵеит ашәаҳәареи акәашареи ретнографиатә ансамбль «Нарҭаа». Урҭ қәрала ҵҭ шықәса инаркны 100 шықәса инареиҳаны изхыҵуаз ракәын.
- Сыстудентра аамҭазы исгәалашәоит «Нарҭаа» дуқәа рконцерт аҟны Славик Басариагьы саргьы ҳаладырхәит. Сара ахымаа асырҳәон Славик аҩымаа. Уи аконцерт иахьагьы сгәалашәара иалоуп, сара сзы иахьагьы инасыҧуп ас еиҧш ауаа, ақәра змаз, пату зқәыз, аҧсуара зылсны иҟаз срылагыланы жәлар ринструмент ахьасырҳәоз, сааҭқәак рыҩнуҵҟа урҭ сахьраӡәыкыз. Уи сыҧсы ҭанаҵы исхашҭуам, - лҳәеит жәлар рартист.
1969 шықәсазы Иван Кортуа иаалырҟьаны иҧсҭазаара далҵит. Аҧсны жәлар рартист Кәасҭа Ченгьелиа ансамбль анапхгара идҵан. «Нарҭаа» рконцерттә программала Аҧсны аҩнуҵҟа еиҧш уи анҭыҵгьы рыӡбахә рдыруан. Адунеи ахьынӡанаӡааӡо рыхьӡ наҩхьан. 1974 ш. иалахәын Венгриа имҩаҧгаз Жәларбжьаратәи афольклортә еицлабра. Иагьаиааит иреиҳаз аҳамҭа «Ахьтәы павлин». Уи аҳамҭа рыманы Аҧсны ианаа «Нарҭаа» Жәлар рансамбль ҳәа ахьӡ рыхҵан.
Угәы узырхьуа акоуп иахьатәи аамҭазы Аҧсны иахьҳамам аетнографиатә хор. Аха, хыхь ишысҳәахьоу еиҧш, уи ҿыц аиқәыршәара, абыргцәа рааҧхьара мҩаҧысуеит, уимоу мышқәак раҧхьа еиҿкаан раҧхьатәи аиқәшәара, аицәажәара.
- Ааигәа, Аҧсны жәлар рартист Анри Ферзбеи сареи Аҧсны акультура аминистр Даур Ақаҩба ааҧхьара ҳаиҭеит. Ҳаиқәшәараҿы иҳәеит ишеиҿкаатәу аетнографиатә хор. Сыҧшәма Анри Ферзбеи сареи, ҳәарада, ҳаигәырӷьеит, иҳалшо зегьы шыҟаҳҵо иаҳәаны, аҩны ҳанааи нахыс убри ауп цәажәарас, уснагӡатәыс иҳамоу. Аҧсны ахьынӡанаӡааӡо иаҳдыруа жәлар рашәа зҳәо, еиуеиҧшым ахаҧшьгаратә ансамбльқәа ирылоу зегьы адырра раҳҭеит.
Ааигәа, Аҧсны акультура аминистрра еиҿнакааз апроект «Алаф ашҭа» ҳалахәны ҳаҟан Хәаҧ ақыҭан. Ҳәарада, аҧсуа дахьыҟазаалак дсасдкылаҩуп. Илахҿыхыз аконцерт ашьҭахь иҳаздырхиеит аишәачара. Хәаҧаа рчеиџьыка агьама ҳбеит, алаф ҳҳәеит, ҳаицәажәеит, анаҩс иҳадтәалаз руаӡәк «Данаҟаи Ашәба» иашәа аацәыриган, даҽаӡәы ашырҳәа иааицирӷызит, анаҩс даҽаӡәы. Убас инеимда-ааимдо ашәа рҳәеит. Сара уи ансаҳа иаразнак ирзеиҭасҳәеит ҳгәы иҭоу. Даргьы мап мкыкәа, ҳашҧамнеиуа, акыр ҳалшоны шәбозар ҳаргьы ҳшәывагылоит рҳәеит. Ииуль 13 аҽны иҳаман раҧхьатәи аиҧылара Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҟны. Аиҧылара далахәын акультура аминистр Даур Вадим-иҧа. Аҽны еибаҳҳәеит ҳагәҭакқәа, ҳусушьа уҳәа. Ари гәахәара дуӡӡоуп. Ҳара иаҳзыхьчар жәлар рашәақәа, уи ус дуны исыҧхьаӡоит, - лҳәеит Роза Расим-иҧҳа. Уи лажәақәа рыла, иахьатәи аамҭазы ахор иалахәуп 25-ҩык инарзынаҧшуа. Хықәкыс ирымоуп ажәытә ашәақәа дара ишырдыруа мацара, ҧсахрак амҭакәа ауаа дырҳара. Сгәы иаанагоит алшара ҳауеит ҳәа, хара имгакәа абыргцәа злахәу аетнографиатә хор рзыӡырҩра. Абас, агәахәара ҳазҭо ажәабжь бзиа ала ихлыркәшеит Роза Чамагәуаҧҳа лцәажәара.
Елиа Ҵышә-ҧҳа
Оставить сообщение: