18+
Специальная версия
Рекламный баннер 990x90px header-top
Рекламный баннер 990x90px header-bottom

Лҵшәабзиала аҧышәарақәа рҭиит

Аҧсни аҵараиурҭақәа рҟны аҧышәарақәа мҩаҧысуеит. Абжьаратәи иреиҳауи аҵараиурҭақәа роушьҭымҭацәа иаадырҧшуеит идырҳаз  рдыррақәа. Аҧышәарақәа акыр аинтерес рыҵан имҩаҧган А.Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы. Аҧышәаратә комиссиа ахантәаҩыс даман Аҧсны акультура аминистр Гәдиса Агрба, урҭ  дрылахәын аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа.

Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аушьҭымҭацәа рзы аҧышәарақәа агәаӷьра ацын. Акыр шықәса инеиҧынкыланы аҟазара знапы алаку русхк аҿы зеихьӡарақәа хьӡырҳәагоу асахьаҭыхыҩцәа, аскульпторцәа рыла ишьақәгылаз аҧышәаратә комиссиа аилазаара иалаз гәцаракрыла ирызнеиуан аҧышәареи адипломқәа рыхьчареи. Иаадкыланы сынтәа аҵараиурҭа иалгеит жәахаҩык аҿар. Ԥшьышықәса ицоз рҵара аихшьаалақәа ҟаҵо, рырҵаҩцәа ахәшьара арҭарц азы ицәырыргаз аусумҭақәа зегьы аинтерес ду рыҵан. Урҭ акраамҭа аус здырулоз, рџьабаа зду аҧҵамҭақәоуп.

 Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабы, аскульптор Амиран Адлеиба иазгәеиҭеит аҟыбаҩ бзиа злоу аҿар шыҟоу. Амала, рыцҳарас иҟалаз, рҵара лҵшәабзиала ианыхдырқәшалак анаҩс ирацәаҩӡам ззаанаҭ зҽазызкуа. Уи иахҟьаны асахьаҭыхыҩцәеи аскульпторцәеи  аиҳабыратәи аиҵбыратәи рабиҧарақәа иахьа  аамҭа ду рыбжьоуп. Убас шакәугьы, сынтәатәи аушьҭымҭацәа рыбжьара хә-ҩык рҵара иацырҵарц ргәы иҭоуп. Урҭ рахьтә иҟоуп Урыстәыла иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ирхырыҧхьаӡалахьоугьы.

Аҧсны акультура аминистр Гәдиса Агрба иҳәеит иреиӷьӡоу, аҟыбаҩ ҷыда злоу ҳәа иалкаау астудентцәа акультура аминистрра аҟынтәи  ацхыраара рыҭара ишазыхиоу. Ажәалагала ҟаиҵеит аиқәшәара амҩаҧгаразы. «Аҧсны ахьӡ аҭыгараҿы акультура аусзуҩцәа рлагала дууп. Ҳарҭ анаҩсгьы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалоит астудентцәа рыцхраареи, асахьаҭыхыҩцәеи аскульпторцәеи иахьынӡаҳалшо ала адгылара рыҭареи рус аҟны», -  азгәеиҭеит Гәыдиса Агрба.

Елана Лашәриа

17:17 30.06.2020 16+
2176
Выбор редакции
Рекламный баннер 990x90px footer-top