еиҧынкыланы ҧшьышықәса рыҩныҵҟа, Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутат Иракли Харчлаа иаҧшьгарала, иара дахьалхыз «Кинопракат», «Колос» ҳәа иахьашьҭоу аҭыҧқәа рҿы инхо ауааҧсыра рзы, ииуль аказы ахәыҷқәа Жәларбжьаратәи рымшныҳәа иазку аусмҩаҧгатә еиҿыркаауан. Сынтәа, акоронавирус чымазара иахҟьаны алшара ҟанамлеит ианазгәаҭаз амшазы аныҳәа амҩаҧгара.
«Даара сгәы иалан, ииуль аказы ахәыҷқәа ззыҧшыз аныҳәа ахьысзеиҿымкааз. Аха, сҩызцәа исыҵырҳәеит зымҽхак ҭбаам аныҳәа амҩаҧгара. Иҟасҵаз ажәалагала Аҟәа ақалақь ахадара адгылара арҭеит. Аныҳәа амҩаҧгара ахьазгәаҳҭаз аҭыҧ аҟны игылоу ахәыҷқәа рыхәмарырҭа ҭыҧ џьара-џьара арҿыцра аҭахын. Аҟәа ақалақь ахадара рыцхыраарала уи азҵаара ӡбан, иара убасгьы аныҳәазы иаҭахыз амузыкатә техникала ҳаиқәдыршәеит», - иҳәеит Иракли Харчлаа. Ақалақьтә Еизара адепутат иажәақәа рыла, аныҳәа анеиҿкааз амш ииуль ааба ус машәыршәа иалхымызт. Ари амш азы адунеи аҿы иазгәарҭоит аҭаацәеи, аилибакаареи, аҳәоуеиқәшәареи рымшныҳәа.
«Ахәыҷқәеи аҭаацәеи узеиҟәымҭхо еидҳәалоуп. Убри азоуп ҳаргьы изаҳҭаххаз аицымҩаҧгара», - ҳәа азгәеиҭеит Иракли Харчлаа. Аныҳәа мҩаҧган Ажәытә ҳабла абжьаларҭаҿы жәаф еихагыла змоу аҩнқәа рышҭаҿы. Адепутат иажәақәа рыла, ари аҭыҧ еиҧшны ирзыманшәалоуп «Кинопракат», еиҧш «Колос» инхо ауааҧсырагьы. Ахәыҷқәа рныҳәа рҽаладырхәит Ажәытә ҳабла анхацәа, иара убас агәаҳәара змаз, иахҭыгәлаз зегьы.
Ахәылҧаз еизнагеит хыҧхьаӡара рацәала ауаа. Шә-ҩык инарзынаҧшуа ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи гәахәара дула ирыдыркылеит ирзеиҿкааз ақәгыларақәа, арлахҿыхгатә конкурсқәа, ахәмаррақәа. Ахәыҷқәа рцәаныррақәа рхырҿқәа ирнубаалон. Аусмҩаҧгатә аиҿкааҩцәа ацхыраара рызҭаз, Жәларбжьаратәи аҧсуа-базатә конгресс адгылеит ақьачақьцәа рықәгыларақәа реиҿкаара, убасгьы ахәыҷқәа рзы иааргеит аҵааршәы, аӡыхаақәа, ашәырӡқәа.
Акарантин аамҭазы аныҳәақәа маҷк ирыцәхҟьалаз ахәыҷқәа аҧхьа маҷк иџьаршьон ирбоз. Аха, аамҭа кьаҿк анаҩс урҭ ахәмарреи аконкурсқәеи рыҽрыладырхәит. Азҵаарақәа рҭакқәа ҟазҵаз, аконкурсқәа рҟны зегь реиҳа еиӷьны зхы аазырҧшыз ахәыҷқәа ирырҭон агәаларшәагатә ҳамҭа хәыҷқәа. Ахәыҷқәа кәашеит, ишәаҳәеит, аамҭагьы рызгәамҭаӡакәан ицеит. Илашьцахьан, аха ауаа аимпра рҭахымызт. Ахәылҧаз мҩаҧысит гьамала, аинтерес аҵаны, илахҿыхны. Иалахәыз ракәзар, иҭабуп рҳәеит ирзеиҿкааз аныҳәазы. Иазгәарҭеит, ари имариам аамҭазы маҷк иадымхаргьы ргәы рыҧсахыртә еиҧш алшара шрырҭаз. Ауснагӡатә иалахәыз, Аҟәа Ахада ихаҭыҧуаҩ Авҭандил Сурманиӡе иажәақәа рыла, аҳҭнықалақь ауааҧсыра рзы ҧхьаҟа зеиҿкаареи, зымҩаҧгареи азгәаҭо аконцертқәеи, ахәыҷтәы ныҳәақәеи, ахәыҷқәа рымацара ракәымкәа аиҳабацәагьы ргәы зырлахҿыхша аусмҩаҧгатәқәеи даара ирацәоуп. «Макьана ишьақәгылаз аҭагылазаашьа алшара ҳнаҭом, аха уи зегьы хымҧада иҟалараны иҟоу хҭысқәоуп», - иҳәеит иара. Аусмҩаҧгатә аҧшьгаҩ, ақалақьтә Еизара адепутат Иракли Харчлаа иакәзар, иҭабуп ҳәа реиҳәеит иаҧшьгара адгылара азҭаз зегьы. «Ҳамчқәа еилаҵаны иҳалшеит аныҳәа лаша аиҿкаара. Ахәыҷқәа гәырӷьон, аҭаацәа ргәы иахәеит», - ҳәа азгәеиҭеит иара. Убасгьы, Иракли Харчлаа иҳәеит ахәыҷқәа Жәларбжьаратәи рымш азы аныҳәа аиҿкаара атрадициа анаҩсгьы ишацҵахо. «Ҳәарада, уи аларшара зыбзоуроу афакторқәа рацәоуп, аха иахьынӡасылшо ала ари аус насыгӡалар сҭахәуп», - иҳәеит иара.

Елана Лашәриа.
Афотосахьа Наала Аҩӡба
Порядок обработки персональных данных
Политика конфиденциальности и защиты информации
Согласие на обработку персональных данных обратной связи
Учредитель и издатель ООО ИА «Инфорос».
Адрес учредителя, издателя, редакции: 117218, Россия, г. Москва, ул. Кржижановского, д.13, кор. 2
Телефон: +7 (495) 718-84-11
E-mail: info@akua-suhum.info
И.О. главного редактора Дорохова Н.В.
Разработчик сайта – INFOROS 2026