АԤСНЫАШӘҞӘЫҨҨЦӘАРЕИДГЫЛАОНЛАИН-КОНКУРСРЫЛАНАҲӘОИТАԤСУАПОЕТЦӘАРАЖӘЕИНРААЛАҚӘАҾЫРҲӘАЛАРЫԤХЬАРАЗЫ
Аконкурс иалахәхар рылшоит 15 ш. инаркны 25 ш. зхыҵуа ирыҵанакуа аҿар.
Аусмҩаҧгатә зҽалазырхәуа рықәгылара авидеонҵамҭа 4-минуҭк иреиҳамзароуп.
Авидеонҵамҭақәа аашәышьҭла Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аелектронтә ҧошьҭа ашҟа: Kamachich@yandex.ru
Аконкурс ҿҳәарас иамоуп 2020 ш. сентиабр 1 инаркны 31 рзынӡа.
Аконкурс аихшьала рылаҳәахоит ианхыркәшахалак ашьҭахь жәамш ирхымгакәа.
Аконкурс аҧҟарақәа:
Ҷыдала иаҧҵахо ажиури аконкурс ахь иаашьҭхауа авидеонҵамҭақәа ирыхәаҧшны иалрыҧшаауеит абжьыҭирахь инарышьҭуа.
Абжьыҭираан иалкаахоит иреиҳаны абжьқәа зауз хҩык. Шаҟа бжьы роуз ала ишьақәыргылахоит досу иааникылаз аҭыҧ.
Аҧхьахәқәа аанызкылаз ирыҭахоит адипломқәеи аҳамҭақәеи.
Аконкурс зҽалазырхәуа ҿырҳәала ирыҧхьар ауеит (аҧсышәала):
ажәеинраала;
ажәеинраалақәа рцикл ахәҭак;
апоема ацыҧҵәаха.
Аконкурс алахәцәа еиӷьны изыҧхьо ралкаараан изызхьаҧшхауа аҟазшьақәа иреиуоуп:
- аҧхьараан ажәақәа ииашаны рҳәара;
- ажәа аҟны ақәыӷәӷәара ақәныҟәара;
- ааҭгылара ацклаҧшра;
- аҧхьашьа иахәҭоу атемп алхра;
- зда ҧсыхәа ыҟам аинтонациа хшыҩзышьҭра аҭара;
- агха ҟамҵакәа аҧхьара;
- ажәеинраала ахаҭа аҵакы адкылашьа;
- ажәеинраала аҧхьараан досу ииашаны ибжьы ашьақәыргылара;
- артист иҟазшьақәа раарҧшра.
Абжьагажәақәа рзы аҭел шәасыр шәылшоит абарҭ аномерқәа рахь:
771-08-80; 772-70-86.
Порядок обработки персональных данных
Политика конфиденциальности и защиты информации
Согласие на обработку персональных данных обратной связи
Учредитель и издатель ООО ИА «Инфорос».
Адрес учредителя, издателя, редакции: 117218, Россия, г. Москва, ул. Кржижановского, д.13, кор. 2
Телефон: +7 (495) 718-84-11
E-mail: info@akua-suhum.info
И.О. главного редактора Дорохова Н.В.
Разработчик сайта – INFOROS 2026