- Алиса, ҳаибадырып.
- Сара, Алиса Ҭыҩба, сиит Тҟәарчал 39 шықәса раҧхьа, аха дук мырҵыкәа сҭаацәара ҳанхарҭатә ҭыҧ рыԥсахит, ҳаиасит Аҟәаҟа. Сышколтә ҧсҭазаара мҩасит Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №4 аҿы. 2005 шықәсазы иреиҳау аҵараиурҭаҿы аҵара хсыркәшеит. Аекономикатә факультет «Амилаҭтә економика» азанааҭ сымоуп.
- Шәыҧшәмеи шәареи шәеибадырра шԥаҟалеи, насгьы шаҟа шықәса ҵуеи шәеицынхоижьҭеи?
- Сыҧшәма, Ерик Лагәлаа, ҳаибагаанӡагьы дысдыруеижьҭеи акыр ҵуан, аха аиашазы, сгәы иаанагомызт ҳаинасыҧхоит ҳәа. Иара дыздыруан даара иҟәышу, ибзиоу ааӡара бзиа змоу арҧысны. Аамҭак азы игәасҭо салагеит иҟнытә сганахь ала иҷыдоу агәцаракра шааирԥшуаз. Зны машәыршәа ҳаиқәшәошәа, зны ашәҭқәа, ахаа-мыхаа… Исҳәарц сылшоит, иара илшеит ҳәа ҳразҟы еилаҳҵар аԥеиԥш бзиа шҳамазаауа даара иҧшӡаны сеилыркаара. Саргьы сазхәыцуа салагеит саҧхьаҟатәи сыҧсҭазаара здысҳәыларц исҭаху иара иоуп ҳәа. Уи акәхеит, мыцхәы сымхәыцкәа сынасыҧ инапы ианысҵеит. Абар, 17 шықәса ҵуеит ҳаҧсҭазаара еилаҳҵеижьҭеи. Ашықәсқәа цеит, аха иацы акәушәа сгәы иабоит…
- Аҭаацәара шәаналалоз шәазхәыцуазма аҭаацәарацәа аҧҵара?
- Мап, аха уи агәаӷьра зынӡа иуадаҩӡамыз сара сзы. Ажәа агәаӷьрагьы иара иатәымзар ҟалап. Ахәҷы иеиҳау насыҧ ыҟоуп ҳәа сгәы иаанагом. Насгьы сара исыман, иахьагьы исымоуп адгылара ӷәӷәа сыҧшәма иҭаацәа, сҭаацәа, ҳәарада сыҧшәма иганахь алагьы. Аӡәыкны ҳаидгыланы ҳаицхыраауеит. Агәра згоит зынӡа уадаҩрак уԥыларым ҳәа уазхәцуеит уҧшәма пату уқәҵаны данувагылоу, угәазыҳәарақәа зегьы адгылара анеиҭо, иӡбатәу азҵаарақәа ануциӡбо.
- Имариоума мамзаргьы иуадаҩума Аҧсны аҭаацәарацәа аҧҵара, аныҟәгара?
- Сгәы иаанагоит иҟам хаҭала тәылак, убраҟа еиҳа ахшара рааӡара уадаҩуп ҳәа. Иахьабалак иҟоуп еуеиҧшым ауадаҩрақәа реиҧш абзиарақәагьы. Ҳаҧсадгьыл, анцәа иҭыҧ аҟны лымкаала иуадаҩуп ҳәа аҳәара сзыгәаӷьуам. Ахәҷы иааӡара, аиашазы имариам усуп, аха егьа ус иҟазаргьы, аҭаацәа зегьы рахь сҿы нарханы исҳәоит, ахәыҷқәа хҩык ракәзаргьы, ҭаацәацыҧхьаӡа ирааӡароуп. Избанзар, аҧсуаа ҳмаҷуп, ишьҭаҳхроуп ҳдемографиа.
- Аҳәынҭқарра аҟынтә ацхыраара ишәымоума?
- Ааи, ахәыҷқәа рзы ацхыраагӡа соуеит, аха еилкаау усуп уи ахәҷы иааӡаразы ишузымхо. Сҭаацәа дууп, хҩык схәыҷқәа сара, сыҧшәма иҭаацәа, зегьы аџьџьаҳәа ҭаацәакны ҳаицынхоит. Урҭ рҟынтә, уажәраанӡа ишысҳәахьоу еиҧш, исымоуп ацхыраара ӷәӷәа. Сыҧшәмеи сареи аус аауеит, ҳани ҳаби ироуеит Урыстәылатәи атәанчаҩхәы, убас ала ҳаицхыраауеит.
- Иаҳзеиҭашәҳәар ҟамлари шаҟаҩы ахәыҷқәа шәымоу, ирыхьӡу, иааркьаҿны досу рҟазшьақәа.
- Насыҧ сыманы исыҧхьаӡоит хҩык ахәыҷқәа сахьрану - ҩыџьа аҧҳацәа, аҧа. Гарри ихыҵуеит 16 шықәса. Дшыхәыҷӡаз иаб аспорт агәыбылра ииркит. Иахьатәи аамҭазы иара инапы алакуп апрофессионалтә шьапылампыл асра, дҭоуп Санкт-Петербург аолимпиатә резерв ашкол. Зегьы адгылара иаҳҭоит. Иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит уи игәахәтәы дахьаҳагӡарц азы.
Диана илхыҵуеит 11 шықәса, Даниелла - 7 шықәса. Даниелла диит лаб имшира аҽны. Лаби лареи ирыбжьоуп иҷыдоу абзиабара. Дианеи лареи ашкол ахьыҟам аҟнытә иныҟәоит аҽазыҟарақәа рышҟа. Ҳара ашьыжь аусура ҳанҭыҵуеит, дара рандуи рабдуи рхылаԥшуеит. Аҽазыҟаҵарақәа рахь раб иигоит иааигоит.
- Ахәыҷқәа рхаҭақәа шҧахәаԥшуеи хҩык ахьыҟоу? Еицхыраауама? Реизыҟазаашьа зеиҧшрои?
- Аӡӷабцәа даара реизыҟазаашьақәа бзиоуп. Рашьа аҩны дыҟам дахьыҟам азы акәхап, оумашәа дықәхьааргоит. Ҽнак ибжьы ҭелла ирмаҳар, мамзаргьы дрымбар дырзычҳауам. Иахьеи уахеи еицуп, иҟарҵо зегьы еицыҟарҵоит. Рыхҩык дырҭахуп даҽа хәҷык. Есымша ирҳәоит. Деҳәшьазаргьы дешьазаргьы зегьы акоуп дара рзы. Аха, уи ҳазшаз инапы иануп.
- Ҳазҭагылоу аамҭазы амш шҧамҩасуеи шәҭаацәараҿы?
- Иахьатәи аамҭазы ҳамш зынӡа аҽаҧсахит. Иуҳәар алшоит аныҟәарақәа еиҳа имаҷхеит ҳәа. Уи ахәыҷқәа рзы ибзиоуп узҳәом, аха иҳамчи… Март мза аахыс адунеи аҿы зегьы аҽаҧсахит, ҳҭаацәарагьы ианыԥшит, хымԥада. Ахәыҷқәа еиҳарак аҩны иҟоуп, сыҧшәмеи сареи аус аауеит. Сара аус зуеит агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьараз» аҟны, Ерик - Аҧсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аспорт аҟәша ихадоу аспециалистс.
-Шәызларыхьӡозеи шәусқәа зегьы? Иаанхома аамҭа шәхатә усқәа рзы?
- Ҳәарада, сызхьымӡогьы рацәазар акәхап, аха ихаданы исыҧхьаӡо зегьы сҽырхьысыгӡоит. Сыҩни сҭаацәеи инарҷыданы иахьа снапы алакуп гәыкала бзиа избо аус. Агәыҳалалратә фонд аҟны ахәшәтәра иадҳәалоу азҵаарақәа насыгӡоит. Амедицина азанааҭ ахь исымоуп иҷыдоу азыҟазаашьа. Аха уи даҽа ҭоурыхуп.
- Гәазыҳәарас ишәымои?
- Ашкол санҭаз аахыс исҭахын занааҭла сҳақьымхарц, аха саб иҭахымхеит Аҧсны анҭыҵ аҵарахьы сышьҭра. Саргьы игәы сзамысит. Абасала, зегьы раасҭа исҭахыз сгәазыҳәара сзынамыгӡеит. Аҧсҭазаара иҳанаҭеит ахьаа ӷәӷәа, саб иоуит агәамбзиара. Убри ашьҭахь исҭаххеит аонкологиатә чымазара змоу ауаа рзы ацхырааратә фонд аартра. Исҭахуп ацхыраара рысҭаларц ари ачымазара ҿаасҭа ауаҩы ицәа ианаалауа еилкааны, ахәшәтәра, заа, ахәшәтәра ауаҩы ианимыхәо аҟынӡа инамгакәа, саб ишихьыз еиҧш акәымкәа. Агәра згоит уи сгәазыҳәара шынасыгӡо.
- Насыԥ змоу ԥҳәысны шәхы шәыҧхьаӡома?
- Исымоуп аҭаацәа, урҭ ргәы бзиоуп, сҭаацәеи сареи аӡәыкны ҳаидгылоуп, ҳнапқәа еикәыршаны ҳаибааӡоит, иҳамоуп анхарҭа, ача, уи еиӷьу иҟоузеи? Ҳәарада, насыҧ сыманы схы сыҧхьаӡоит.
-Ҳаиҿцәажәара ахыркәшамҭаз даҽа зҵаарак. Ахәыҷқәа рааӡараҿы зегьы рааасҭа ихадоу арбан.
- Зегь раҧхьаӡа иргыланы ухәыҷы уиҩызахароуп. Иулшар иацәажәара, игәы иҭоу аилкаара, игәы змырҭынчуа алацәажәара, азҵаара аицеиӡбара, ахәҷы иааӡара улшеит ҳәа уҳәар ҟалоит. Анацәа зегьы ирзеиӷьасшьарц сҭахуп рхәыҷқәа рзы дара баша изыцәшәо ҭаацәаны акәымкәа, ирҩызцәаны, ргәаанагара дара рзы ихаданы иҟаларц.
Аиашазы, аӡәгьы илшом «ан бзиа» ҳәа амаӡа аартра. Избанзар уи еиԥш ыҟаӡам. Досу ихәҷы диааӡоит иара ииашоуп ҳәа игәы ишаанаго, игәы ишиҵанаҳәо еиҧш. Сгәы иаанагоит аҧҳәыс есҽны анра лҵоит ҳәа. Убасҵәҟьа - лыҧсҭазаара зегьы. Ихадоуп, дааӡаны имҩа данықәуҵалак ашьҭахь ахшара иҧырхагамхара, игәаанагара пату ақәҵара. Сара исҭахуп схәыҷқәа иаԥсаны ирызҳарц, згәы ҭбаау, иразу, зыгәра угаша ракәны иҟаларц. Уи хадароуп сара сзы. Исҭахуп аҧсҭазаара бзиа ирбарц, ирхырго амшқәа рҟынтә есааира агәахәара роуларц. Убри зегьы ҟаларц азы ишыхәыҷқәоу уи рылаҳааӡар ауп.
- Аҧшәма хада - ахәҷырацәа раб ихшара, ҳәарада, есымша лымкаала илаԥш рхызароуп…
-Хымԥада, ахаҵа иҧшәмаҧҳәыси ихәыҷқәеи есымша рааигәара дыҟазароуп, ижәҩахыр рныруазароуп, насгьы, зегьрыла иқәгәыӷуазароуп.
- Ишәымазҭгьы анашанатә лаба шәара…
- Анык лаҳасабала акәхап ишысҳәауа, усҟан сымхәыцӡакәа ахәыҷқәа зегьы насыҧ рыманы иҟасҵон. Агәамбзиара змоу агәабзиара рысҭон, аҭаацәа змам ироуртә иҟасҵон. Ахәҷыжәлар зегьы рылаӷырӡ гәырӷьа лаӷырӡны илеилартә сазааԥсон. Досу имоуп азин иоурц аҧсҭазаара лаша, аҧсҭазаара ҧшӡа.
Аиҿцәажәара мҩаҧылгеит
Елиа Ҵышәҧҳа