Абар, шьҭа шықәсык ҵырц оумак агым адунеи зегьы аҿы аҧсҭазаара аҽаҧсахижьҭеи. Ҳара анцәа иишаз аҭыҧ аҟны ҳанхоит, ачымазара ҳацәцоит ҳәа агәыӷра ҳаман, акыр аамҭагьы ҳааигәара имааит, аха ачымазара ҿкы ҭаацәа-ҭаацәала изхысуа атәылақәа рхыҧхьаӡараҿы ҳаргьы лассы ҳнацлеит. Ҩымз рыҩнуҵҟа ачымазцәа рхыҧхьаӡара иазҳауа иалагеит. Ес-ҽны шәҩышәҩыла атест азҭаз рҟынтә ачымазцәа рхыҧхьаӡарахь иацлоит. Ари ацифра даара ирацәоуп ҳаҧсадгьыл азы, аха…
Аҧсҭазаара аҽаҧсахит зегь раҧхьаӡа иргыланы амедицина аусзуҩцәа рзгьы. Русутә иацлеит, рџьабаа рацәахеит, рыҧсшьара аамҭа зынӡа имаҷхеит.
Урҭ рхыҧхьаӡараҿы дыҟоуп Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника аусзуҩы, амедеҳәшьа Лика Папасқьырҧҳа.
«Схәыҷра амшқәа анысгәалашәо еилыскаауеит аҧсҭазаара уи ахәмарра шакәу. Ҳара ҳагәҭакқәеи иара ҳзықәнаҵо амҩеи есымша еиқәшәом. Усҟан сгәы иаанагомызт амедицина садҳәалахоит ҳәа. Даара бзиа избон схатәы бызшәа, еиҳарак алитература. Изыҩуан ажәеинраалақәа, исҭахын афилологиатә факультет аҭалара. Сабду иашьа Иван Папасқьыр, санду лашьа Самсон Ҷанба… Агәра ганы сыҟан саргьы аҟыбаҩ ҷыда сылоуп, споетхоит ҳәа, аха аҧсҭазаара даҽа мҩак саннаҵеит. Аибашьра акәзаргьы ҟалап уи амҩа зыҧсахыз. Сқыҭа Кәтол, аԥсагьыл зхы ақәызҵаз саб иашьцәа рҧацәа ԥшьҩык аӡәаӡәала аҧсадгьыл рхы ақәырҵеит. Схәыҷын, аха уи ахьаа иахьагьы имцаны исыӷроуп, ҳаҩнқәа… саб иҩны ццышәны, ҳхәыҷра зегьы зыдҳәалаз амца иалаблит…
Урҭ аамҭақәа ргәалашәара даара исцәыуадаҩуп… Ҳамацара ҳакәым уи зегьы зхызгаз, аибашьра амшқәа зегьы рқыҭақәа рҟны иҟаз сеилыркаауеит…
Аҭаацәараҿы ҧшьҩык ахшара ҳаҟоуп. Ҩыџьа саҳәшьцәа еиҳабацәоуп, сашьеи сареи аиҵбацәа еиҳа ҳаизааигәан ҳхәыӷра зегьы. Избанзар қәрала оумак ҳабжьамыз, ҳаибааӡеит. Саб даара сырқьынцыцны симан. Саҳәшьцәа аҭаацәара иалалахьан, сашьеи сареи ҳҭахрақәа акы азы мап имҳәацызт. Аха саҧхьаҟатәи сҧеиҧш азҵаара анықәгыла, иӡбеит смедеҳәшьахарц. Уаҟа ҳҭахрақәа еиқәымшәеит. Афилологиатә факультет шысҭахыз Аҟәатәи амедицинатә коллеџь састудентхеит. Аҵара апроцесс ианалага, уи азанааҭ агәыбылра скит. Аҵарагьы бзианы исҵон. Исҭахын сҵара хыркәшаны еиҳау сҭаларц, сҳақьымхарц, аха уи сҭахрагьы сзынамыгӡеит.
Иахьатәи аамҭазы саб иҭабуп ҳәа иасҳәоит уи азанааҭ ахьазикыз. Иара ааигәа дҳаҧхеит, иҧсҭазаара даналҵуазгьы аус ахьызуа ахәышәтәырҭаҿы, иара ишиҭахыз еиҧш схалаҭа шкәакәа сышәҵаны, уи ахьибоз дшеигәырӷьоз, снапаҿы, иқьышә аччара ықәыҳәҳәо ари аҧсҭазаара аанижьит», - еиҭалҳәеит Лика.
Лара хҩык аҧацәа дрануп. Аибашьра аамҭа еиҧшхаз, ари ачымазара анҳалала аамҭазы аус луан Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника, иара убас Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы аневрологиа аҟәша, ареанимациа аҟны медеҳәшьас. «Ачымазара ҿкы ҳаҧсадгьыл ианалала, ишыжәдыруа еиҧш ҳхәышәтәырҭаҿы ишьҭаз ҩыџьа уи ачымазара анрыхь ашьҭахь ахәышәтәырҭа карантин ҳасабла аусура аанкылахеит.
Ачымазцәа рхыҧхьаӡара ацлара ианалага, Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь сцарц азы сҽеиқәсыршәеит, аха сшыҧшыз саанхеит. Уи аҽны ицоз амедеҳәшьцәа рхыҧхьаӡара азхоит рҳәан, урҭ рыҧсахра аамҭанӡа аҩны саанхеит. Аха усда сзымтәеит.
Зынӡа иӷәӷәаны ачымазара злаҽу агоспиталь аҟны ишьҭарҵоит, егьырҭ аҩны рҽырхәшәтәырц азы ахәшәқәа, рҳақьымцәа агәырқәа, акапельницақәа рзылырҩаауеит. Урҭ рыҟаҵаразы амедеҳәшьцәа рыҧшаара уадаҩхеит. Исыӡбеит агоспиталь аҟны ишьҭоу сзырмыцхрааргьы, иахьынӡасылшо сықалақь аҟны ауаа срыцхраап ҳәа», - лҳәеит амедеҳәшьа.
Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы еиҿкаан аҳақьым, иммунологиеи а авирусологиеи рлабороториа аиҳабы Алиса Матуа лнапхгарала ачымазара ҿкы захьыз ранализқәа ргара. Аус руан ахәышәтәырҭа ахыбраҿы, иара убас зхала анеира алшара змамыз рыҩны ицаны иргон. Ликагьы урҭ рхыҧхьаӡараҿы дыҟан. Анаҩс, Аҟәа ақалақь Ахадара агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуба амедеҳәшьа Лика илыдылгалеит анализқәа ргара акәымкәа акапельницақәа рыҟаҵара ахь диасырц азы. Ларгьы мап лымкит.
Ишдыру еиҧш, ачымазара аҭаацәараҿы аӡәы ианихьлак, иҭаацәагьы ирмыхьыр ауам. Уи аҿкы чымазара иацәшәаны амедеҳәшьцәа аусура зегьы ақәшаҳаҭым, урҭгьы ҳәарада еилукаауеит, даргьы рхы, рҭаацәа ирыцәшәоит, еиҳаракгьы рҭаацәаҿы абыргцәа ахьыҟоу.
«Сара даара ачымазарақәа ирыцәшәо ауаа среиуоуп. Сыздыруа «ашәаҩы» ҳәа исышьҭо уп. Саргьы 39 роуп исхыҵуа, аха агәамбзиарақәа сымоуп. Избан сыздыруам, абри аҿкы чымазара азы ашәара ӷәӷәа сымам. Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым-пульманолог Шьазина Хәырхәмал аҭел дысзасит, дыҟоуп ачымазаҩ аҿкы чымазара захьыз, аҩны ихәшәтәра ҳаҿуп, акапельница изыҟаҵатәуп, бызцома ҳәа. Аҧхьа маҷкгьы саашәеит, хҩык аҧацәа сааӡоит, ахәыҷқәа акы дсырхьыр ҳәа, аха сзанааҭ абзиабареи, ауаҩы ирыцҳашьареи аиааит. Сцеит, иҷыдоу амаҭәа сышәҵаны. Уи акәхеит. Абар шьҭа ҩымз ҵуеит ҽсҽны хәлаанӡа ауаа рыҩнқәа рахь сымҩахыҵуеижьҭеи. Иҟоуп ҭаацәарак - фҩык иахьырзықәсыргыло. Урҭ ҽнак ҩынтә. Изҭаху зегьы арзыҟаҵара сахьӡаӡом аҟнытә ирзықәыргыланы, уи анҵәара сазымҧшкәа даҽа ҭаацәак рҟны сцоит. Ашьыжь асааҭ 8-9 рзы сдәылҵоит, шьыбжьон саауеит сааҭк аҟара схәыҷқәа рыфатә ҟаҵаны сцоит, уаха асааҭ 11-12 рзы аҩныҟа схынҳәуеит», - лажәа иацылҵон Л. Папасқьырҧҳа.
«Сара ари ачымазара сыхьт ҳәа анеилыскаа, шаҟа сшәаз жәала исзеиҭаҳәом. Избанзар убри аҩыза аинформациатә еибашьра еиҧш ицоит, иааухьыр убзиахом ҳәа агәра унаргоит. Уи аҟара сацәшәом, уи ачымазара ыҟам сҳәон, аха сара ианыскьыс сышшәаз атәы сзыҳәом. Ахәышәтәра сҳақьым ҭелла исзылылҩааит, ҳәарада иҟаҵатәын акапельницагьы. Амедеҳәшьцәа сыззамысыз ҳәа аӡә дыҟам, аӡәы дысмоуит, еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны мап ркуан. Аҵыхәтәан Лика лномер сыҧшааит. Уигьы мап лкуазар акәхап сҳәан, аха сылзасит. Ҳәарада снеиуеит, шәахьынхо аҭыҧ сзаашәышьҭ сааҭк ашьҭахь уа сҟалоит лҳәеит. Есҽны ҩынтә дааины исзықәыргыланы дцон, нас аҭел уажәи-уажәи дасны сшыҟоу еилылкаауан, аҧхьа схала агәыр алхра сацәшәон, аха зныктәи ашьҭахь избеит уи шшәарҭам. Хазы салацәажәарц сҭахуп лнапы шыбзиоу агәыр алаҵара аҟны. Знык ала свена зыҧшаара уадаҩу дақәшәон, џьара ҭыҧкгьы узыҧшаауам уи иахьалалҵаз. Лара сеиқәлырхеит ҳәа сҳәар сылшоит. «Шәымшәан шәыбзиахоит», - ҳәа сгәы шьҭылхуан, алаф алылхуан, ачымазара шәҽашәымҭан лҳәон. Абас мацара счымазара лыхәшәтәит. Акапельница аҟаҵара усгьы ахәҳдыруеит. Аҵаара абаҭаху, аха ари иаҳбац еиҧшым, избанзар иҟоуп ашәара ларгьы илыхьыр алшоит ҳәа. Убригьы дацәымшәакәа дааны дахьухагылоу уи ахә амам. Лусура иаҧсоу ахә шысзымшәозгьы, уигьы дшыҧхашьоз акәын ишылгоз. Агәра ганы сыҟоуп аҧара зынӡа изымлыхозгьы шыҟоу, иҟоуп алшара змам уи ахә ашәара, урҭ ирымылхит ҳәа сыҟам дызлаҟоу ала», - лҳәеит ачымаза ҿкы захьыз, зыхьӡ аҳәара зҭахымхаз Лика лчымазцәа руаӡәк. "Сара сзын зегьы раасҭа иуадаҩу иҷыдоу амаҭәа ашәҵара ауп. Уажәшьҭа маҷк ихьшәашәарахеит, аха ари ашоура аныҟоу ухәаҽуеит, аҳауа узхом, иухоу абласаркьа уҧсыҧ аҭачуеит, иушәу аҳауа алсуам,аҧхӡы уагоит… Даара ицәгьоуп уи аныҟәгара. Аҵыхәтәантәи аамҭазы сзыцәшәо, зегьы раасҭа бзиа избо ашьыжьтәи акаҳуа раҧхьа санаҿыхәо агьама сзеилымкаар ҳәа ауп, аха макьана афҩы хаа саҳауеит, уи сгәы азнарҳауеит», -дыччо лажәа иацылҵон амедеҳәшьа. «Даара иқәхьаазгоит анкьатәи, есымша ҳазхашшаауаз аамҭа. «Еицәоу умбакәа еиӷьу уздыруам», - ҳәа ажәытә уаа баша ирҳәомызт. Агәыӷра сымоуп ари аамҭагьы ҳаиааины еиӷьу аамҭақәа ҳаҧхьаҟа иаҳзыҧшуп ҳәа», - лҳәеит лара аҵыхәтәан.
Елиа Ҵышә-ҧҳа