Аҵыхәтәантәи аамҭазы еиуеиҧшым аусмҩаҧгатә шьахәқәа мҩаҧысуеит акульура-усутә платформа «Гәыма» аҟны. Урҭ ируакуп ааигәа имҩаҧгаз еицырдыруа аҧсуа сахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба иусумҭақәа рцәыргақәҵа. Аидеиа рызцәырҵит, иагьеиҿыркааит аплатформа «Гәыма» анапхгаҩы Хьыбла Возба, уи ахылаҧшҩы Шьарида Ҭыжәба.
Унапы злакызаалак аус бзиа иубозароуп, усҟан ауп унапы иҵыҵуа зегьы ахә анаиуа, ахаара анацло… Ацәыргақәҵа аартра сааҭк шагыз снеит. Хьыблеи Шьаридеи рус ишаҿыз анызба, санрыхәаҧш сырҧырҵны ацара сҭахымызт. Жәала аиҭаҳәара уадаҩуп, урҭ шаҟа рус бзиа ибаны иаҿыз. Рыблақәа агәырӷьара рхын, рыбжьы қыџьқыџьуан, асахьаҭыхыҩ иусумҭақәа рахь ирымаз абзиабара иарҧеиҧеиуан, иҧыруашәа акәын аусумҭақәа зегьы рҭыҧқәа ылхны, иааганы ишықәдыргылауаз. Досу ирзалхыз аҟны икнарҳацыҧхьаӡа рыблақәа рзаҟәымго, абзиабара рхьыкәкәа инадҵны даҽа усумҭак ааргон, Хьыбла шәымҭак иалагӡаны, дыҩны днеины Леуарса Быҭәба ибжьы зныз адиск наҿалкын, ицәажәабжьы «Гәыма» ианынахыҩ лыблақәа хҩаны дазыӡырҩуан… Абас ала аартра аамҭа рҽахьыгӡаны, иҧыр-ҧыруа рыцхырааҩцәеи дареи зегьы еиҿыркааит, еиқәдыршәеит, аҭааҩцәа рыблақәа дыргәырӷьарц азы.
Араҟа зынӡа 22 усумҭа цәырган. Урҭ нагӡоуп ҧшшәы рацәала. Леуарса Быҭәба иқалақь ахь имаз абзиабара ӷәӷәа рныҧшуеит иусумҭақәа зегьы. «Аҟәа ныҳәа қалақьуп», - абас акәын Аҟәа аӡбахә шиҳәоз иара.
«Ацәыргақәҵа зызкугьы даараӡа бзиа иаҳбо зҟазара беиоу, зхатә гьама змаз асахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба игәалашәара ауп. Февраль 21 алаҳхит, избанзар иахьа имшира ауп. Иахьа абраҟа дҳалагылазҭгьы иара ихыҵуан 62 шықәса. Аплатформа «Гәыма» аҟны аус зуа зегьы гәыкала бзиа иаҳбоит уи иусумҭақәа, ҳацклаҧшуан иҟазара амҩа, ибзианы иаҳдыруеит иҭоурых, убри аҟнытә иаҳҭаххеит Аҟәа инхо, алшареи агәаҳәареи змоу, иахьа идҳарбарц Аҟәа асахьаҭыхыҩ иблала. Леуарса Быҭәба есымша иажәа иалан «Аҟәа фестивальтә қалақьуп», - ҳәа, иара ҳақалақь ибон есымша, есҽны агәырӷьара иазку мшны», - лҳәеит Шь. Ҭыжәба. Уи асахьаҭыхыҩ иӡбахә ахьылҳәоз лыблақәа лаӷырӡыла иҭәуан, лхәы-лжьы еилагылон. Илҳәеит, асахьаҭыхыҩ дшырдыруа лара лықәлацәа, леиҳабацәа, аха ацәыргақәҵа еиҿкаамижьҭеи ишрызҳахьоу даҽа абиҧарак.
«Аҵыхәтәантәи ацәыргақәҵа еиҿкаан 2004 шықәса рзы. Иара иҧсҭазаара далҵит 2007 шықәсазы. Иахьатәи ацәыргақәҵаҿы иҟоуп 20 инареиҳаны аусумҭақәа. Абас еиҧш еизганы аӡәгьы ахаангьы имбацызт, избанзар ара иҟоуп раҧхьатәи иаҧҵамҭа, зегь реиҳа бзиа иибоз иусумҭа, идипломтә усура, аус здиулоз аорден «Ахьӡ-Аҧша» аескизқәа, раҧхьатәи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Владислав Арӡынба 2004 шықәсазы ианеишьаз аорден «Ахьӡ-Аҧша», иара убас зынагӡара дахьымӡаз аҵыхәтәантәи иусумҭа, иара ишьҭахь кьыс змам иҭаацәа иаҳзааргеит», - лажәа иацылҵеит лара. Уи лажәақәа рыла, аидеиа анрызцәырҵ ашьҭахь изарҳәаз зегьы аӡәыкны ирывагылеит, адгылара рырҭеит, лгәаанагарала, уи аҵакы ӷәӷәоуп, убри иаҳәоит асахьаҭыхыҩ дышуаҩ бзиаз, дышҩыза шьахәыз. Избанзар уи игәаларшәара иазку аусмҩаҧгатә зегьы гәахәарыла ирыдыркылеит. Ауаа рыҩнқәа рҟны икнаҳаз иусумҭақәа кныхны иааргеит ацәыргақәҵа аиҿкаара азы.
«Сара сгәаанагарала, Леуарса Быҭәба иеиҧш иҟоу асахьаҭыхыҩцәа, даара пату рықәзароуп ҳтәылаҿы. Сара сзы даара акыр аҵанакуеит, исҳәарцгьы сҭахуп, акультура аӡбахә анаҳҳәо уи еиқәҳархароуп, ажәала мацара акәымкәа услагьы. Аамҭа ҧхьаҟа ицоит. Абас еиҧш иҟоу аҟыбаҩ ҷыда злоу ауаа, аусумҭа шьахәқәа шҳамоу адунеи зегьы иадыруазароуп. Иаҳҳәап, иахьа абра иаҳбо асахьақәа реиҧш егьырҭгьы оцифровка рызутәуп», - лҳәеит акульура-усутә платформа «Гәыма» ахылаҧшҩы.
Шьарида Ҭыжәба гәахәара дуӡӡак лымоуп. Уи арбан ҳәа ҳазҵаара аҭак ҟаҵо илҳәеит, асахьаҭыхыҩ иусумҭақәа шыҟоу адунеи ахьынӡанаӡааӡо. Илҭахуп Аҧсны иаиурц убри аҩыза алшара, убарҭ зегьы ҳтәылахь архынҳәра.
Леуарса Быҭәба иусумҭақәа рылукаауеит ихатә стиль имаз ала. Абар урҭ: «Утро», «Птица», «Вечер», «Похищение Европы», «Рождение Афродиты», убас ирацәаны, ихадырҭәааит Аҧсны еиҧш адунеи зегьы ахьтәы коллекциа. Аҧсуа сахьаҭыхыҩ иусумҭақәа цәыргақәҵан Америка, Франциа, Германиа, Италиа, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Иапониа, Швеицариа. Урҭ реиҳарак ҵәахуп адунеи зегьы ахьынӡанаӡааӡо хаҭалатәи аколлекциақәа рҿы.
Елиа Ҵышәба
