Аҧсуа культура иаҵанакуа даараӡа ирацәоуп, уи иузаҟәымҭхауа иадҳәалоуп аҧсуа абџьар. Аҭоурых излаҳәо ала, аихалых аус адулара Аҧсны иааит Азиа Маҷи Европеи атәылақәа рҟынтәи. Аихатә шәышықәса алагамҭа ҳәа иуҧхьаӡар ауеит ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа VII-VI ашәышықәсақәа раҧхьа. Усҟантәи аамҭазы ажьиҩы иҟаиҵон аиха, ажьаҳәа, аҟыга, ахәархь, амагана, архынҳәыга (отвертка), аӡыгаҵәы убас ирацәаны.
Урҭ ашәышықәсақәа рзы аҧсуаа иҟарҵеит егьырҭ ажәларқәа ирымам рхатәы ҳәызба – «аҧсуа ҳәызба» ҳәа иахьагьы еицырдыруа. Уи убриаҟара иҧшӡахеит, ганрацәала ауаа рхы иадырхәо иалагеит, аҟама еиҧшҵәҟьа амилаҭ маҭәа иузаҟәымҭхауа аҵакы аиуит. Иахьагьы, аҳәызба аҭра иҭаҵаны ахаҵа имаҟа иаҵдазар ауеит амилаҭ маҭәа аелементк аҳасабала. Иара убас аҧсуаа рзы иҷыдоу аҵакы аанахәеит ашәарыцараҿы, насгьы анапҟазараҿы. Рхы иадырхәоит аныҳәарақәа, еиуеиҧшым ақьабзқәа рымҩаҧгараан. Иаҳҳәап аныҳәаҩ данныҳәо, иарӷьанапаҿы «аҧсуа ҳәызба» аҿы ажәҩанахь ирханы, агәи агәаҵәи ахаҵаны аныҳәаҧхьыӡ иҳәоит, иара убас асаби агара дахьгароу, алаҧш имкырц азы, ицәырҭа иаҵарҵоит «аҧсуа ҳәызба», убри аҳәызба еиҧш дыӷәӷәахарц, узықәгәыӷуа иакәны дҟаларц. Аҳәызба акышьагьы иамоуп ахатә ҵакы: аишәаргылараани агәырӷьара иазку аишәа архиараани ачыс аххышьа еиҧшым. Иаҳҳәап ауаҩы машәырла аҳәызбала иҽҧиҟар мамзаргьы аӡәы дихәыр, аҳәызба ахәы аҟынӡа хынтә анышә иҵаикшароуп, уи ашьҭахь агәнаҳа амам, ирыцқьоуп ҳәа иҧхьаӡоуп.
Аиашазы даара аинтерес аҵоуп аҳәызба мацара иадҳәалоу атрадициақәа. Хаҭала сара еиқәысыҧхьаӡаз рҟынтәи исзымдыруаз маҷмызт. Уи атема сазхьанарҧшит мышқәак раҧхьа, раҧхьаӡа акәны Аҟәа, ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаартыз Абџьар-ҟазацәа рпрофессионалтә рҿиаратә еидгыла «Х-напы» аҳасабырбатә цәыргақәҵа. Уи иџьашьахәыз цәыргақәҵан. Уаҟа ицәырган аҧсуа абџьар хкқәа, акҿаҩратә, ашәарыцагатә, аибашьратә ҟазшьа змоу, аихақәа, аҳәақәа, алабашьақәа, ҳәарада, хкы рацәала аҳәызбақәа, акәылӡы иалху аибашьҩы ишәҵатәы.
Аидгыла ахантәаҩы Ҭемыр Ӡиӡариа иажәақәа рыла, «Х-напы» аҧҵан 2021 шықәсазы.
- Аидгыла анеиҿаҳкаа ашықәс аан, маи мзазы Гәдоуҭатәи амузеи аҟны аҧсуа ҳәызба иазкны ацәыргақәҵа ҳаман. Сынтәатәи еиҳа инарҭбааны еиқәҳаршәеит. Алахәылацәа шықәсык аҩнуҵҟа рнапы иҵырхыз аусумҭақәа зегьы цәыргоуп. Ԥҟарас иҟан аӡәы х-усумҭак еиҵамкәа ицәыригарц. Ацәыргақәҵа ахьынӡамҩаҧысуаз еиҿаҳкааит акомиссиа, досу алахәыла усумҭак-усумҭак алихит, нас Аидгыла афонд ахь ииаҳгеит. Усҟан иазаҳаӡбеит есышықәса ацәыргақәҵа аиҿкаареи, уаҟа иалкаахо аусумҭақәа рыла ҳфонд хаҳарҭәааларц азы, - иҳәеит Ҭ. Ӡиӡариа. Уи иажәақәа рыла, урҭ аихалыхқәа - здаҟам анапылаҟаҵарақәа алахәхалоит еиуеиҧшым ацәыргақәҵақәа, Аҧсны еиҧш, уи анҭыҵгьы.
Аидгыла иалахәуп 20-ҩык инареиҳаны ажьиҩы иусура абзиабаҩцәа: аетнографцәа, аҭоурыхдырыҩцәа, археологцәа, асахьаҭыхыҩцәа уҳәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы дыҟоуп Рауль Кобахьиа.
- Хышықәса раҧхьа кавказаа рабџьар аҭоурых аинтерес сызцәырҵит, уи аҭҵаарагьы сҽазыскит. Сагәыланахалеит. Иахьеи-уахеи схы иҭан иҵегьы инарҵауланы аилкаара. Сашьҭалеит ажәытә аҧсуа бџьари урҭ ҟазҵоз аҟазацәеи рыҧшаара. Асоциалтә ҳа «Facebooke» аҟны иаҧысҵеит уи иазкны адаҟьа. Алахәылацәа рацәаҩхеит, урҭ рахьтә аҿар, абзиабаҩцәа рыдагьы итрадициатәу аҳәызба аҟаҵара азҟазацәагьы. Ус, ҳаиҳабацәа аҟазацәа игәарҭеит, игәцараркит. Ҭемыр Ӡиӡариа данҳаҿцәажәа, еиликааит Аидгыла аиҿкааразы алшарақәа зегьы шҳамоу. Абар, шықәсык ахыҵуеит «Х-напы», уи аамҭа кьаҿ иалагӡаны иҟаҳҵахьоу маҷым, аусумҭақәа реиҧш ацәыргақәҵақәеи ажьира акультура афестивали, - иҳәеит Р. Кобахьиа.
Уи ажьира акультура абзиабаҩ ацәыргақәҵаҿ инагаз иусумҭақәа ирыликаауеит 19 ашәышықәсазтәи акамбашь атәыҩеи аҧстәы ацәеи ирылхны аҧсуа аҟаматә маҟа иақәырҧшны иҟаиҵаз. Уи адагьы ицәырган Аслан Зарандиеи иареи иеицыҟарҵаз аескизқәа рыла аҳәеи аҟамеи.
Рауль иажәақәа рыла, хышықәса рыҩнуҵҟа ирхиаз инапкымҭақәа даара ирацәоуп, аха макьана аҭиразы акгьы ҟаимҵац, зегьы ҳамҭаны иҭахцәа ириҭоит, мамзаргьы аҧсуа ажәытә абџьар иалеиҧсахуеит иаатраны иҟоу амузеи азы.
- Ҳагәҭакқәа даара ирацәоуп, урҭ рахь иаҵанакуеит абџьар амузеи. Уаҟа ицәыргахоит ҿыц иҟаҵоу абџьарқәа реиҧш ажәытә аҧсуа бџьарқәагьы. Иара убас аҿар рзы арҵаратә классқәагьы аҧҵара ҳгәы иҭоуп, насгьы еиуеиҧшым афестивальқәа рымҩаҧгара, - иажәа иациҵеит аҟаза.
Рауль Кобахьиа иҳәеит Абџьар-ҟазацәа рпрофессионалтә рҿиаратә еидгыла «Х-напы» еиднакыло гәҭакыс ишрымоу агәыҳалалратә фондқәеи дареи русеицурала аукционқәа рымҩаҧгара. Уаҟа еизгахо аҧарақәа рыҭахоит зҭагылазаашьа уадаҩу, - иҳәеит иара.
Аиашазы, ас еиҧш иҟоу аусмҩаҧгатәқәа даара аҵак ду рымоуп аҧсуа культура азы еиҧш, ҳажәлар рзгьы. Ухатә ҭоурых, уабацәеи уабдуцәеи рҭоурых, ужәлар рыбзазашьа, рынхашьа, рыламыс, ртрадициақәа лассы-лассы ианубалак, рыӡбахә ануаҳауа, маҷк акәзаргьы уазхьанарҧшуеит, уархәыцуеит, абзиабара унаркуеит. Иарбанзаалак маҭәарцыҧхьаӡа иамоуп ахатә ҭоурых, атрадициа, уи даара аинтерес ду аҵоуп аҭҵаара уаналагалак. Ари зегьы аҧсуа иҟазшьа, иҧсҭазаашьа жәада иаазырҧшуа маҭәарқәоуп.
Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны хымш рыҩнуҵҟа иаҭааз рацәаҩуп, ахәҷы инаиркны аду иҟынӡа. Зегьы рхы-рҿы ианубаалон аинтерес кны усумҭацыҧхьаӡа ишрыхәаҧшуаз. Уи агәахәара унаҭоит. Агәра згоит Аидгыла аиҳаби алахәылацәеи лассы-лассы аҭааҩцәа зызҿлымҳахаша аусмҩаҧгатәқәа шеиҿыркаало, рҳәаақәагьы есааира ишдырҭбаауа. Ақәҿиара дуқәа рзыҧшызааит изнылаз амҩаҿы.
Елиа Ҵышә-ҧҳа
Оставить сообщение: